Урок 22
- Содержание урока:
- Продолжаем изучать звуки абхазского языка (џ, џь)
- Работа с лексикой
џ џь; џ џь
Новые слова и выражения
џьара́ где-то; куда-то. Џьара́ и́ҟоуп. Где-то есть. Џьара́ и́цеит. Куда-то пошли.
аџьы́ка соль. Сан аџьы́ка аа́лхәеит. Моя мать купила соль.
аџьымшьы́ лук
ҩы́џьа двое (только по отношению к классу одушевленных) Ҩы́џьа а́ишьцәа. Двое братьев.
аха́рџь расходы. Аха́рџь ду ҟасҵе́ит. У меня большие расходы.
апе́нџьыр окно. Апенџьыр аартуп. Окно открыто. Иаарты апенџьыр! Открой окно!
аџьармы́кьа рынок; ярмарка
аџьра́ жарить. Акәа́ц лџьит. Она пожарила мясо.
аџьы́ба карман. Сџьы́ба аҧара ҭоуп. У меня в кармане деньги (находятся).
а́џьашьара удивляться. Сара́ иџьа́сшьеит. Я удивился.
Звук џ малоупотребителен в абхазском языке. Џыр Джыр (имя собственное)
аџы́ш чеснок
акры́фарҭа столовая. Акры́фарҭаҿы акрысфе́ит. Я поел в столовой.
акака́лкра перекусить. Кака́лк скит. Я перекусил.
Ҩы́џьа а́ишьцәа Џы́ри Џьгәаҭа́ни а́шьыжь аџьармы́кьахь ице́ит. Ара́ Џыр аџьы́ка аа́ихәеит. Џьгәаҭа́н иаа́ихәуеит кьы́лак аџы́ши ҩ-кьы́лак аџьымшьи́. «Ҳус ҟаҳҵе́ит», — иҳәе́ит Џьгәаҭа́н, — «џьара́ кака́лк ҳкып». «Ара́ апе́нџьыр аҟы́нтәи избо́ит, ана́ акры́фарҭаҿы акәа́ц рзуе́ит, уаала́?» — иҳәеит Џыр. «Уаала́!», — иҳәе́ит Џьгәаҭа́н.
Џыр иџьы́ба иҭа́н ҩажәа́ маа́ҭ, Џьгәаҭа́н и́ман ҩажәи́ хәба маа́ҭ. Ине́ит акры́фарҭаҿы. А́хәқәа иры́хәаҧшын, иџьа́ршьеит. «–Уа́хәаҧши, уара́, уа́хәаҧши арҭ ры́хәқәа шаҟа́ иду́у!» — иҳәе́ит Џьгәаҭа́н. «Уаала́, сашьа́, уаала!» — иҳәе́ит Џыр, — «аҩны́ краҳфа́п, ара́ҟа ҳха́рџьқәа ду́хоит». А́ишьцәа акры́фарҭа идәы́лҵны аҩны́ҟа ице́ит.
Двое братьев Джыр и Джгуатан, утром отправились на рынок. Здесь Джыр купил соль. Джгуатан купил килограмм чеснока и два килограмма лука. «Свою работу мы сделали,» — сказал Джгуатан, «где-нибудь перекусим»? «Отсюда, из окна я вижу, там, в столовой жарят мясо, пошли?» — сказал Джыр. «Пошли!» — сказал Джгуатан.
В кармане у Джыра было двадцать рублей, Джгуатан имел двадцать пять рублей. Пришли в столовую. Посмотрели на цены и удивились. «Ты посмотри, какие у них высокие (большие) цены!» — сказал Джгуатан. «Пойдем, брат, пойдем!» — сказал Джыр, — «дома поедим, здесь у нас будут большие расходы». Братья, выйдя из столовой, пошли домой.
Формы прощания
Бзиала!
Абзиаразы! До свидания!
Абзиара шәзыҟалааит (узыҟалааит, бзыҟалааит)!
Всего вам (Вам / тебе) хорошего!
Аҵх алыҧха шәоуааит (уоуааит, боуааит)!
Цәамҭхаа шәоуааит (уоуааит, боуааит)!
Спокойной ночи! Приятных сновидений!
Амҩа бзиа!
Мҩамш (шәықәлааит)! Счастливого пути!
Упражнение 1
Прослушайте предложения. Отметьте (√) какое из двух представленных предложений произносит диктор?
| 1. | а) Џьара избеит. б) Џьара изгеит. |
| 2. | а) Ахарџь ду ҟасҵеит. б) Ахарџь ду ҟаҳҵеит. |
| 3. | а) Ҩажәи хәба мааҭ сыман. б) Ҩажәи хҧа мааҭ сыман. |
| 4. | а) Сџьыба аҧара ҭан. б) Сџьыба аҧара (и)ҭам. |
| 5. | а) Абзиара шәзыҟалааит! б) Абзиара бзыҟалааит! |
| 6. | а) Аҩны краҳфап. б) Аҩны крысфап |
| 7. | а) Сан аџьыш аалхәоит. б) Сан аџьыш аалхәеит. |
| 8. | а) Ҩыџьа аишьцәа сымоуп. б) Ҩыџьа аиҳәшьцәа сымоуп. |
Упражнение 2
Определите порядок действий; Поставьте к каждому предложению соответствующую цифру.
Ҩыџьа аишьцәа аџьармыкьахь ицеит. (№…)
Џьгәаҭан иааихәеит аџыши аџьымшьи. (№…)
«Џьара какалк ҳкып», — иҳәеит Џьгәаҭан. (№…)
Ахәқәа ирыхәаҧшын, иџьаршьеит. (№…)
Аишьцәа акрыфарҭа идәылҵны, аҩныҟа ицеит. (№…)
Џыр аџьыка ааихәеит. (№…)
Инеит акрыфарҭаҿы. (№…)
(Ответы)
Упражнение 3
Раскройте скобки, употребив глагол в прошедшей совершенной форме.
Например: Сара ача (аахәара) > Сара ача аасхәеит.
Аишьцәа аџьармыкьахь (ацара).
Џыр аџьыка (аахәара).
Ҳус (аҟаҵара).
Аишьцәа акрыфарҭаҿы (анеира).
Ахәқәа ирыхәаҧшын, (аџьашьара).
Акрыфарҭа идәылҵны аҩныҟа (ацара).
(Ответы)
Упражнение 4
Вы выучили текст Урока. Сможете ответить на вопросы?
Иабацеи ҩыџьа аишьцәа?
Иаархәеи аишьцәа аџьармыкьаҿы?
Акрыфарҭаҿы аишьцәа крырфама?
Крызырымфеи?
Акрыфарҭа идәылҵны аишьцәа (и)абацеи?
Упражнение 5
Вставьте недостающие слова, или выберите подходящие:
Сара исыхьӡуп ...
Сара ... шықәса схыҵуеит.
Сара сынхоит ...
Сара аҵара сҵоит \ аус зуеит ...
Сара дсымоуп аиешьа \ аиеҳәшьа.
Сашьа \ саҳәшьа ихьӡуп \ илыхьӡуп ...
Сашьа \ саҳәшьа ... шықәса ихыҵуеит \ (и)лхыҵуеит.